Каха Калаӡе – Абизнес-сектор ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит анормақәа ирықәныҟәаны,  ззин иҟоу ашьҭыбжь анорма иахымсырц
Каха Калаӡе – Абизнес-сектор ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит анормақәа ирықәныҟәаны,  ззин иҟоу ашьҭыбжь анорма иахымсырц

«Абизнес-сектор ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит анормақәа ирықәныҟәаны,  ззин иҟоу ашьҭыбжь анорма иахымсырц. Ҳара иҳалшо ала абизнес ҳадгылоит, аха, ҳуааҧсыра ҳхашҭыр ҟалом», — иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе.

Каха Каладзе амуниципалтә инспекциа анапхгаҩы идиҵеит абри апроблема аҭыҧқәҵаразы активла аусура далагарц.

Калаӡе ишиҳәаз ала,  азакәан инақәыршәаны,  обиектқәак рҿы асааҭ  08.00 инаркны  23:00-наӡа ашьҭыбжь иҳәаақәҵоу аҩаӡара иҟазар ауеит, аха,  асааҭ  23:00 инаркны  8:00-нӡа ашьҭыбжь зынӡаск иқәиҭымуп.

«Аресторанқәеи, акафе-барқәеи, аҳҭнықалақьаҿ иҟоу акаҳуажәырҭақәеи рзы ззин иҟоу ашьҭыбжь аҩаӡара  50 дБ еиҳамзароуп. Убри аҟынтә,   абизнес-сектор ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит анормақәа ирықәныҟәаны,  ззин иҟоу ашьҭыбжь анорма иахымсырц», — иҳәеит  Калаӡе.