Карл Харцель – Михаил Саакашвили игәабзиаразы аҭак рыҧхықәуп Қырҭтәыла анапхгара
Карл Харцель – Михаил Саакашвили игәабзиаразы аҭак рыҧхықәуп Қырҭтәыла анапхгара

«Михаил Саакашвили игәабзиареи иахәҭоу амедицинатә маҵзура изеиқәыршәареи, ихадаратә зинқәа рыхьчареи  азы аҭак рыҧхықәуп Қырҭтәыла анапхгара, абри ауп дара рҟынтә ҳаззыҧшу», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Карл Харцель.

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара Европатәи Ахеилак азы ахадаратә ҵакы змоу апринципқәа ҳашрылацәажәо. Лымкаала, Михаил Саакашвили игәабзиареи иахәҭоу амедицинатә маҵзура изеиқәыршәареи, ихадаратә зинқәа рыхьчареи  азы аҭак рыҧхықәуп Қырҭтәыла анапхгара, абри ауп дара рҟынтә ҳаззыҧшу. Изныкымкәа ишысҳәахьаз еиҧш, сара сҳақьымым, афактқәа сыздырӡом, аха,  аӡбарақәа зегьы ихьыҧшым амедицинатә ахәшьара ашьаҭала ишрыдыркыло здыруеит, сара уи садгылоит», — иҳәеит  Карл Харцель.