Каиа Каллас - Америка Европахь азҿлымҳара ацәыӡит, Европа, ашәарҭадара аусхкы аҿы НАТО аинициативақәа ирышьашәалазаарц азыҳәан, аконкреттә шьаҿақәа ҟанаҵароуп, уажәы НАТО ауп зегьы зхьыҧшу
«Америка Европахь азҿлымҳара ацәыӡит», — илҳәеит жәларбжьаратәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас Европатәи ахыхьчаратә агентра есышықәсатәи аконференциаҿы данықәгылоз.
Лара лажәақәа рыла, Америкеи Европеи реизыҟазаашьақәа рҿы иҟалаз аиҭакрақәа «аамҭалатәи акәымкәа, аструктуратә ҟазшьа рымоуп».
«Вашингтон Европахь азҿлымҳара ацәыӡит. Арҭ аиҭакрақәа мҩаҧысуеижьҭеи акрыҵуеит. Дара аамҭалатәи акәымкәа, аструктуратә ҟазшьа рымоуп. Убри аҟынтә, Европа, ашәарҭадара аусхкы аҿы НАТО аинициативақәа ирышьашәалазаарц азыҳәан, аконкреттә шьаҿақәа ҟанаҵароуп. Уажәы НАТО ауп зегьы зхьыҧшу», — илҳәеит Каиа Каллас.