Каиа  Каллас – Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит адемократиа шьҭахьҟацара аанкылареи, ииашамкәа иаанкылоу ауаа рхақәиҭтәреи, амцхәны амч ахархәара афактқәа реилыргареи азы
Каиа  Каллас – Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит адемократиа шьҭахьҟацара аанкылареи, ииашамкәа иаанкылоу ауаа рхақәиҭтәреи, амцхәны амч ахархәара афактқәа реилыргареи азы

Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит ауаҩы изинқәа пату рықәырҵарц. Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас  ари аҳәамҭа ҟалҵеит ОБСЕ аминистериалаҿ данықәгылоз.

Лара лҳәамҭала, Қырҭтәыла анапхгара азинхьчаратә органқәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа ҭырҵаароуп.

«Ҳара ареформақәеи адемократиатә ҭышәынтәалара арҕәҕәареи иазку Молдова аҽазышәарақәа ҳрыдгылоит.  Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит адемократиа шьҭахьҟацара ааныркыларц. Дара  ииашамкәа иаанкылоу ауаа иоурыжьҭроуп, азинхьчаҩцәа рыла  амцхәны амч ахархәара афактқәа зегьы еилырганы, изхароу зегьы  аҭакҧхықәра рыдырҵароуп», — илҳәеит  Каллас.