Каиа  Каллас — Ҳара Қырҭтәыла иадҳәаланы асанкциатә ҭагылазаашьақәак рзы ажәалагала ҟаҳҵеит, аха, макьана иҳазҳадымкылеит, избанзар,  Евроеидгыла алахәылацәақәак иақәшаҳаҭымхеит
Каиа  Каллас — Ҳара Қырҭтәыла иадҳәаланы асанкциатә ҭагылазаашьақәак рзы ажәалагала ҟаҳҵеит, аха, макьана иҳазҳадымкылеит, избанзар,  Евроеидгыла алахәылацәақәак иақәшаҳаҭымхеит

«Ҳара Қырҭтәыла иадҳәаланы асанкциатә ҭагылазаашьақәак рзы ажәалагала ҟаҳҵеит, аха, макьана изҳадҳамкылеит, избанзар,  Евроеидгыла алахәылацәақәак иақәшаҳаҭымхеит», — илҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Каиа Каллас Лиуқсембург, Аминистрцәа рхеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Каллас ишылҳәаз ала, сынтәа Еврокомиссиа авизадатә режим аанкылара амеханизми, иара убас, гәыҧқәак рзы авизатә аҧҟарақәеи ажәалагалақәеи  ирызку ажәахә цәырнагоит.

Амшын еиқәа арегиони Ацентртә Азиеи атәылақәа рхаҭарнакцәа реиҧылара иадҳәаланы Каллас ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла ари аиҧыларашҟа ааҧхьара амоуӡит.

Убри адагьы, Каиа Каллас ишылҳәаз ала, зхы иақәиҭу АИХқәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, адемонстрантцәеи ирҿагыланы Қырҭтәыла анапхгара иҟарҵо ашьаҿақәа Евроеидгыла апринципқәа ирышьашәалам.

Каиа Каллас Қырҭтәыла акандидат астатус азаанрыжьуама ҳәа илазҵааит.

«Евроеидгыла алахәылацәа ари азҵаара иаргәамҵуеит.  Зхы иақәиҭу АИХқәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, адемонстрантцәеи ирҿагыланы Қырҭтәыла анапхгара иҟарҵо ашьаҿақәа ҳара Евроеидгылаҿы зыхә ҳшьо  апринципқәа ирышьашәалам. Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы акандидат астатус ҳзахәаҧшуам», — илҳәеит Каиа Каллас.