Џьо Баиден Украинеи, Израили, Таивани  ацхыраара рыҭара  иазку азакәан инапы аҵаиҩит
Џьо Баиден Украинеи, Израили, Таивани  ацхыраара рыҭара  иазку азакәан инапы аҵаиҩит

Америка ахада Џьо Баиден Украинеи, Израили, Таивани  ацхыраара рыҭара  иазку азакәан инапы аҵаиҩит.

«Иахьатәи амш Америкеи, Европеи, адунеии рзы даараӡа ибзиоуп. Ҳадгылаҩцәа аныҕәҕәо, ҳаргьы ҳаҕәҕәоуп. Абри азакәан анапаҵаҩра абзоурала, Америкеи адунеии ршәарҭадара иаҳа иҕәҕәахоит», — иҳәеит  Баиден.

Апакет 4 азакәанпроектк рыла ишьақәгылоуп. Ахаҭарнакратә палата арҭ азакәанпроектқәа аднакылеит иҳаҩсыз амчыбжь азы. Азакәанпроектқәа руакы Украина 61 ​​миллиард адоллар ацхыраара аҭара иазкуп, Израиль  —  26 миллиард адоллар аиуеит. Ахҧатәи азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп Индо-Аокеанҭынчтә регион  $8,1 миллиард азоужьҭра. Аҧшьбатәи азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп асоциалтә аҳа  Tik-Tok ақәиҭымтәреи, иара убас, Украина ацхрааразы урыстәылатәи активқәа рконфискациеи, Иран иаҿагылоу асанкциа ҿыцқәеи.