Џьо Баиден Украиназы 675 миллион адоллар арратә цхыраара апакет шьақәирҕәҕәеит
Џьо Баиден Украиназы 675 миллион адоллар арратә цхыраара апакет шьақәирҕәҕәеит

Америка ахада Џьо Баиден Украиназы 675 миллион адоллар арратә цхыраара апакет шьақәирҕәҕәеит. Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид Остин ари атәы ааицҳаит аформат  «Рамштаин» аҳәаақәа ирҭагӡаны Германтәыла имҩаҧгаз аимадаратә гәыҧ аилатәараҿы.

Жәабала аҳәынҭқаррақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧылараҿы Украина адгылара азҵаара иалацәажәон. Остин иҳәамҭала, атәыла-аидгылаҩцәа рхаҭарнакцәа украинатәи арбџьармчқәа ишазыҟарҵаша,  рхыхьчаралшара шеиҕьартәыша иалацәажәеит.

Урыстәылатәи интервенциа ианалага инаркны Америка Украина иазоунашьҭхьеит  10 миллиард адоллар арратә цхыраара.