Џьо Баиден - Владимир Путин Украинеи адунеи рҿы аарҳәра игәы иҭан, ари ацынхәрас аҭӡы ӷәӷәа, украинаа дрынҟьеит
Џьо Баиден - Владимир Путин Украинеи адунеи рҿы аарҳәра игәы иҭан, ари ацынхәрас аҭӡы ӷәӷәа, украинаа дрынҟьеит

Фымш раԥхьа Урыстәыла ахада Владимир Путин зхы иақәиҭу адунеи ашьаҭа мчыла аԥсахра сылшоит ҳәа игәы иаанагон, аха ицәеилагеит, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден аконгресс аҿы есышықәсатәи иқәгылараан.

Баиден иажәақәа рыла, Владимир Путин Украинеи адунеи рҿы аарҳәра игәы иҭан.

“Ари ацынхәрас аҭӡы ӷәӷәа, украинатәи ажәлар дрынҟьеит. Ахада Зеленскии украинааи фырхаҵара дула аӷа иҿагылара иаҿуп.  Ахада Зеленски Европарламент аҿы иқәгылараан ишазгәеиҭаз, ари ақәԥараҿ алашара алашьцара аҵкьыс иӷәӷәоуп.

Иахьа абра Украина ацҳаражәҳәаҩ дыҟоуп. Ҳгыланы ари апалатантә Украинеи адунеи зегьи асигнал ирҳарбааит. ЕАШ украинатәи ажәлар рыдгылоит,” – иҳәеит Баиден.