Џьо Баиден  - Путин аибашьра алихит, адунеи ари аҭак азыҟанаҵоит
Џьо Баиден - Путин аибашьра алихит, адунеи ари аҭак азыҟанаҵоит

ЕАШ ахада Џьо Баиден Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара даҿагылоит, – иҳәеит ЕАШ ахада џьо Баиден Украина аԥжәарақәа ианалага ашьҭахь.

„Ахада Путин аибашьра алихит, уи ауаа рыԥсыҭбарақәеи ргәаҟреи ахылҵуеит,” – иазгәеиҭеи Баиден.

ЕАШ ахада иажәақәа рыла, “ажәылара иахылҵуа аԥсыҭбарақәа рзы аҭакԥхықәра Урыстәыла маҵара адуп”.

„Адунеи ари аҭак азыҟанаҵоит“, – иазгәеиҭеит ЕАШ ахада.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Донбас аҿы арратә операциа алагара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Украина қалақьқәак рҿы аԥжәарабжьы гоит.