Џьо Баиден - Арҭ амшқәа рзы Урыстәыла Украина иажәылоит ҳәа ашәарҭа дууп
Џьо Баиден - Арҭ амшқәа рзы Урыстәыла Украина иажәылоит ҳәа ашәарҭа дууп

Арҭ амшқәа рзы Урыстәыла Украина иажәылоит ҳәа ашәарҭа дууп, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден Аҩны шкәакәаҿ имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

ЕАШ ахада ишааицҳаз, Урыстәыла Украина аҳәаантә урыстәылатәи арратә гәыԥқәа ралгара иалагеит ҳәа макьана иубарҭам.

“Аиндикаторқәа зегь рыла иубарҭоуп Урыстәыла Украина ажәылара шазыхиоу,” – иҳәеит Баиден.