Џьо Баиден Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи агрессиа ашәарҭа амшала Украина иалҵырц
Џьо Баиден Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи агрессиа ашәарҭа амшала Украина иалҵырц

 

Џьо Баиден Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи агрессиа ашәарҭа амшала Украина иалҵырц. Америка ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ателеканал NBC аинатервиу анеиҭоз.

«Ҳара атеррористтә аиҿкаара акәымкәа, адунеи идуӡӡоу ар ауп ҳазлацәажәо. Уи даҽа ҭагылазаашьак ауп, иаалырҟьаны аҭагылазаашьа еицәахар ауеит», — иҳәеит Баиден.

Ажурналист Баиден диазҵааит америкауаа Украинантә ралгаразы ари атәылашҟа арбџьармчқәа рнагаразы аӡбара идикылар ҟалома ҳәа. Баиден ишиҳәаз ала, иҟалом, избанзар аурысцәеи америкауааи аиҿахысра иалагар, уи адунеитә еибашьра алагара ауп иаанаго.

«Иахьа зынӡаскгьы даҽа дунеик аҿы ҳанхоит», — иҳәеит Баиден.