Џьо Баиден - Аибашьра Украинеи украинааи рнырҵәара ауп хықәкыс иамоу, шәҭыӡҭыԥ иахәамԥшыкәа, шәгәы ҭҟьароуп  
Џьо Баиден - Аибашьра Украинеи украинааи рнырҵәара ауп хықәкыс иамоу, шәҭыӡҭыԥ иахәамԥшыкәа, шәгәы ҭҟьароуп  

Аибашьра Украинеи украинааи рнырҵәара ауп хықәкыс амоу, шәҭыӡҭыԥ иахәамԥшыкәа, шәгәы ҭҟьароуп , – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден ЕАР аассамблеиа хада 77-тәи асессиаҿ данықәгылоз.

Иажәақәа рыла, ҵыԥх адунеит апериод цәгьа аман.

„Афатәаалыҵ акризис, ашоура цәгьа, аарҩара. аӡхыҵра, “ковид-19”, аинфлиациа, агәымбылџьбаратә аибашьра. ЕАР ашәарҭадаратә хеиоак еснагьтәи алахәыла агәыла тәыла ақәлеит, исуверену атәыла ахсаалантә аныхра аҭахуп. Урыстәыла иԥхаьмшьакәа ЕАР аԥҟаԥҵа ашьаҭатәи апринципқәа еиланагеит“, – иҳәеит Баиден.

ЕАШ ахада ишазгәеиҭаз, ахада Путин иахьа еиҭах атомтә абџьар ахархәарала Европа дақәмақарит.

Баиден иажәақәа рыла, ЕАШ Украина ацхыраара азаанарԥшит ашәарҭадара хырхарҭала, амассатә гуманитартә ганахьала, атәыла ишиашоу аекономикатә адгылара азаанарԥшит. Баиден ишазгәеиҭаз ала, ЕАР иалоу 40 тәылақәа иреиҳаны Украина атәылахьчара аӷәӷәаразы  миллиардқәа доллар иаҟароу ацхыраара азаадырԥшит.