Џьеик  Салливан – Агәра ганы сыҟоуп Украина ацхраара апакет иадҳәаланы ҩ-партиактәи адгылара ҕәҕәа шҳауа
Џьеик  Салливан – Агәра ганы сыҟоуп Украина ацхраара апакет иадҳәаланы ҩ-партиактәи адгылара ҕәҕәа шҳауа

Амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливан ишиҳәаз ала, Америка наҟ-наҟгьы Украина иацхраауеит. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит визитла Киев даныҟаз.

Салливан иажәақәа рыла, Украина хымҧада ацхырааратә пакет аиуеит, аха,  ианаиуа имҳәеит.

Иара убас, иара ишиҳәаз ала, аплан ҿыц аиқәыршәара ахымҧадара иҟам.

«Агәра ганы сыҟоуп раҧхьатәи аплан азы ҳшеиқәшаҳаҭхо.  Украина ацхраара апакет иадҳәаланы ҩ-партиактәи адгылара ҕәҕәа ҳауеит», — иҳәеит Салливан.

Салливан иаҵшьны иазгәеиҭеит Џьо Баиден илшо зегьы шыҟаиҵо  Украина  $60 миллиард  ацхыраара аиурц азыҳәан.