Иулиа Тимошенко лпартиа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵеит  Саакашвили  Украинаҟа ддырхынҳәырц
Иулиа Тимошенко лпартиа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵеит  Саакашвили  Украинаҟа ддырхынҳәырц

Иулиа  Тимошенко лпартиа  «Батькившьина»  Михаил Саакашвили иус иадҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәан, Украинаҟа ирхынҳәра иаҳәеит.

Апартиа алахәылацәа Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит аполитикатә ҭаххара аарҧшны, аӡбара ҟәыш рыдыркыларц.

«43 мшы ҵуеит адунеи зегьы, агәынамӡара ду ала,  ақырҭуа абахҭаҿ Михаил Саакашвили дышдыргәамҵуа иацклаҧшуеижьҭеи.

Ҧасатәи ахада, адунеитә аҩаӡараҟны игылоу аполитик, Қырҭтәыла иакымкәа ареформақәа рымҩаҧгареи атәыла ақәҿиарақәеи зыбзоуроу Саакашвили ауаажәлар рзы ишәарҭоу ацәгьауаҩы иеиҧш изныҟәоит.

Абри аҭагылазаашьа зыҧшра ҟамҵакәа  аҵыхәа ҧҵәатәуп!  Иара ихы дақәиҭзароуп!

Михо изныкымкәа апартиа «Батькившьина» ақәҧараҿы дҳадгылан. Ҳара, зеиҧшҟамлац ала ибзианы иаадыруеит агәыҳалалратә хықәкқәа шимоу, ижәлар бзиа ишибо.

Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аполитикатә ҭаххара аарҧшны, аӡбара ҟәыш рыдыркыларц.

Ҳара Михаил Саакашвили Украинаҟа ирхынҳәра ҳаҳәоит. Абраҟа иара иахәҭоу амедицинатә цхыраара аиуреи, аиҭашьақәыргылара апроцесс ахысреи, иҧсадгьылқәа рыҩбагьы  – Қырҭтәылагьы Украинагьы  ирыхәаша аусқәа рыҟаҵареи илшоит!», — иануп апартиа аҳәамҭаҿы.