Испаниа аԥыза-министр Киев даҭааит
Испаниа аԥыза-министр Киев даҭааит

Испаниа аԥыза-министр Педро Санчес Украина аҳҭнықалақь, Киев даҭааит.

Киев аҭаара авидеонҵамҭа ихаҭа Испаниа аԥыза-министр амикроблог “Твиттер” аҿы алаирҵәеит.

„Киев сыҟоуп. Европа ахеилак ахантәаҩраан раԥхьаӡа Украина аҭаареи ахада Зеленски сиԥылар сҭахын. Украина аиҳабыреи апарламенти адгылара рзаасырԥшуеит. Украинатәи ажәлар рахьынӡаҭаххо адгылара наҳагӡоит”, – иҩит Санчес.

Иахьа инаркны ашықәс анҵәамҭанӡа Испаниа Евроеидгыла атәыла-хантәаҩ ауп.