Испаниа анапхгара рҳәамҭала, Мадрид Иран ажәыларазы Америка абазақәа аҭара иақәшаҳаҭхазшәа Аҩны шкәакәа иаладырҵәаз аинформациа ииашам 
Испаниа анапхгара рҳәамҭала, Мадрид Иран ажәыларазы Америка абазақәа аҭара иақәшаҳаҭхазшәа Аҩны шкәакәа иаладырҵәаз аинформациа ииашам 

Испаниа анапхгара рҳәамҭала, Мадрид Иран ажәыларазы Америка абазақәа аҭара иақәшаҳаҭхазшәа Аҩны шкәакәа иаладырҵәаз аинформациа ииашам.

Испаниа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Хосе Мануель Альбарес ишиҳәаз ала, Мадрид ахатә позициа аҧсахуам.

Уаанӡа Аҩны шкәакәа апресс-мӡаныҟәгаҩ  Керолаин Левитт аҳәамҭа ҟалҵеит   Испаниа америкатә аруаа аус рыцура иақәшаҳаҭхазшәа.

Ишдыру ала, Испаниа аҧыза-министр  Педро Санчес атәыла апозициа ааирҧшит 2 жәак рыла: «Аибашьра  — мап».

Испаниа – НАТО иалоу аҳәынҭқарра заҵәуп Америкеи Израили Иран излагаз арратә операциа аргама иаҿагылаз.