Испаниатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Испаниа ақырҭуа ацәгьоуцәа ргәыԥ раанкыларазы зымҽхак ҭбаау аоперациа мҩаԥган, аанкылоуп 30-ҩк иреиҳаны
Испаниатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Испаниа ақырҭуа ацәгьоуцәа ргәыԥ раанкыларазы зымҽхак ҭбаау аоперациа мҩаԥган, аанкылоуп 30-ҩк иреиҳаны

Испаниа ақырҭуа ацәгьоуцәа ргәыԥ раанкыларазы зымҽхак ҭбаау аоперациа мҩаԥган. Испаниатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аанкылоуп 30-ҩк иреиҳаны. Ацәгьоуцәа ргәыԥ аҩнқәа рырҳәреи аԥара аршкәакәареи ирхарадырҵоит.

Аимдара мҩапган 30 ҭыӡҭыԥ рҿы, Барселонеи Каталона егьырҭ аиланхарҭақәеи рҿы.

“Сходка” хьӡыс измаз аоперациа иалахәын амилаҭтә полициеи, аинтерполи, ЕАШ аусԥшааразы афедералтә биурои русуҩцәа. Иара убас аоперациа иалахәын 350-ҩык каталониатәи аполициа аусуҩҵәа.