Ирантәи аинрал Касем Сулеимани инышәынҭраҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 100ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит
Ирантәи аинрал Касем Сулеимани инышәынҭраҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 100ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит

Ирантәи ақалақь  Керман анышәынҭраҿы 2020 шықәсазы американцәа рыла  аинрал Касем Сулеимани ишьра  инаркны ҧшьышықәса аҵра инамаданы ацеремониа мҩаҧысуан. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Иран аҳәынҭқарратә телееилахәыра адыррала, анышәынҭраҿы иҟалаз 2 ҧжәарак рымшала 100ҩык иреиҵамкәа иҭахеит,  170ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Зыхьӡ ҳәам ачынуаҩк ишааицҳаз ала, атеррористцәа анышәынҭрашҟа ицо амҩа аҧжәагақәа аҵарҵан, анеҩс, анахарала иҧыржәеит.

Ари ажәыларазы макьана аӡәгьы аҭакҧхықәра имгацт.

Аинрал Сулеимани  Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус иаҵанакәа агәыҧ  «Аль-Кудс»  дахагылан,  ари агәыҧ Иран анҭыҵ аоперациа ҷыдақәа рымҩаҧгара иазкын.