Иран Ааигәатә Мрагылараҿ игылоу Америка арратә базақәа рганахьала аҭактә аахақәа мҩаҧнагеит
Иран Ааигәатә Мрагылараҿ игылоу Америка арратә базақәа рганахьала аҭактә аахақәа мҩаҧнагеит.
«Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус» адыррақәа рыла, дара зҵакы дуу 18 обиектқәа ираахеит, Бахреини, Кувеити, Иорданиеи иҟоу америкатә арратә базақәагьы инрылаҵаны.
Аҳәамҭа ишану ала, Иорданиа иҟоу арратә базаҿы аобиектқәеи арратә ҳаирпланқәеи иқәырхит.
Кувеит аҳаиртә қәыҧшылара аамҭала иаркын.
Уаанӡа, Америка, Иран аганахьала «ахыхьчаратә аахақәа» рыцәқәырҧа ҿыц мҩаҧнагеит.