Иран адгылаҩцәа Пакистан иҟоу Америка аконсулра ажәылара рҽазыркит, адемонстрантцәеи аполициеи реиҿагылараан ааҩык иреиҵамкәа ҭахеит 
Иран адгылаҩцәа Пакистан иҟоу Америка аконсулра ажәылара рҽазыркит, адемонстрантцәеи аполициеи реиҿагылараан ааҩык иреиҵамкәа ҭахеит 

Шәҩыла Иран адгылаҩцәа Пакистан иҟоу Америка аконсулра ажәылара рҽазыркит. Адемонстрантцәеи аполициеи реиҿагылараан ааҩык иреиҵамкәа ҭахеит,  20ҩык ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит  Euronews.

Аиқәырхаратә маҵзура ахаҭарнак иҳәамҭала, иҭахаз зегьы амцабџьарла ишьын.

Жәларбжьаратәи АИХқәа рдыррақәа рыла, азинхьчаратә органқәа адемонстрантцәа реимырпра рылшеит.