Иракли Павленишвили -  Саломе Зурабишвили евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылхәар лҭахыҵәҟьазар,  Михаила Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп
Иракли Павленишвили -  Саломе Зурабишвили евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылхәар лҭахыҵәҟьазар,  Михаила Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп

«Ақырҭуа гәахәтәы» аимпичмент иадҳәаланы излагаз ахәмарра 2 хықәкык амоуп: евроинтеграциа аҧырхагахареи ахадаратә зҵаарақәа рҟынтә даҽа зҵаарақәак рахь хшыҩзышьҭра аигареи,  – абас игәы иаанагоит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Иракли Павленишвили.

Павленишвили иҳәамҭала,  «Амилаҭтә ҵысра» аолигарх ихантә хәмаррақәа рҽалархәра ргәы иҭам.

«Саломе Зурабишвили илыдҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, лара  евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылхәар лҭахыҵәҟьазар,  лзинмчы лхы иархәаны, Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаила Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп.  Абри ауп лара иҟалҵаша, егьирахь илҳәо зегьы башоуп», — иҳәеит Павленишвили.