Иракли Павленишвили — Саргьы агха сыхьит, Мурҭаз Зоделавеи Иракли Надираӡеи Русҭавели имҩаду аҿы иааныркылоит ҳәа сгәы иаанагомызт
«Аӡәгьы Мурҭаз Зоделавеи Иракли Надираӡеи имҭиит. Ус акәӡам ишыҟалаз, дара ҳара иаҳзымдыруаз аинформациа рыман», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Иракли Павленишвили.
Павленишвили иазҵааит Мурҭаз Зоделавеи Иракли Надираӡеи ианааныркылоз «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа иааигәара изыҟамзи ҳәа.
«Сара уа сыҟамызт, Аҭонели имҩаҿ сыҟан. Шәара чарҳәарак ҟаҳҵазшәа абас азҵаара сышәҭоит. Ус акәӡам ишыҟалаз. Дара ҳара иаҳзымдыруаз аинформациа рыман. Акциа аиҿкааҩцәа ахадаратә 2 принципк ирылацәажәон. Ҳара аҭакҧхықәра ацәцара ҳгәы иҭам. Зегьы ибзианы ирдыруеит акциа еиҿызкааз, аиҿкааҩцәа изусҭцәадаз. Дара рхаҭагьы уи рҳәон, ҳаргьы иаҳҳәон. Саргьы агха сыхьит, дара убасҟанҵәҟьа, амитинг аҿы иааныркылоит ҳәа сгәы иаанагомызт», — иҳәеит Павленишвили.