Иракли Кобахиӡе  - Ханука  - абзиареи алашареи риааира ныҳәамшуп, иахьа иадыркуа ацәашьы цыҧхьаӡа ауаа рыгәқәа арҧхоит, абри ауп иахьа ауааԥысара зегьы реиҳа ирҭаху
Иракли Кобахиӡе  - Ханука  - абзиареи алашареи риааира ныҳәамшуп, иахьа иадыркуа ацәашьы цыҧхьаӡа ауаа рыгәқәа арҧхоит, абри ауп иахьа ауааԥысара зегьы реиҳа ирҭаху

Ханука  – абзиареи алашареи риааира ныҳәамшуп, иахьа иадыркуа ацәашьы цыҧхьаӡа ауаа рыгәқәа арҧхоит, абри ауп иахьа ауаатәыҩсара зегьы реиҳа ирҭаху, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе қарҭтәи Синагогаҿ даныҟаз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи дрыцны, ауриа жәлар Ханука аныҳәамш рыдныҳәаланы, аҭынчреи мышхәыбзазареи рзеиҕьеишьеит.

„Ханука – абзиареи алашареи риааира ныҳәамшуп. Иахьа даҽазнык иҳгәалаҳаршәароуп ҳара ҳажәларқәа злеидҳәалоу аицынхареи, аиҩызареи, абзиабареи  26 ашәышықәсатәи атрадициа шҳамоу. Уи адунеиаҿ зеиҧш иҟам ауникалтә аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынхоуп. Ари аҭынха ҳазхылҵыз ауаа иаҳзаанрыжьит, ҳара абри аҭынха ҷыдеи ҳажәларқәа ирыбжьоу абзиабареи реиҷаҳара иаҳуалуп. Ҳара уи даараӡа ҳаиҷаҳауеит, наҟ-наҟгьы убасҵәҟьа инагӡахоит. Иахьа иадыркуа ацәашьы цыҧхьаӡа ауаа рыгәқәа арҧхоит, абри ауп иахьа ауаатәыҩсара зегьы реиҳа ирҭаху. Ауаа иаҳа аҧхарреи иаҳа абзиабареи  рҭахуп. Израили ауриа жәлари аҧхарреи, абзиабареи, мышәхыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Аҧыза-министр Ханука раҧхьатәи ацәашьы аиркит. Ханука аныҳәамш инамаданы қарҭтәи Синагогаҿ имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи, Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Валил Абу Ҳаиеи, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи.