Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдулла Арипов диҧылеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ҩ-тәылак русеицураҿы иҟоу адинамика бзиеи, зыҩаӡара ҳараку аполитикатә диалоги, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы апартниорра арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа аусхкытә усбарҭақәа реизыҟазаашьақәеи ҩ-ганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара аус аҿы Қырҭтәыла-Узбекистантәи аекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа инанагӡо ароли иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Узбекистани иҭышәынтәалоу ахәаахәҭратә партниорцәоуп, ахәаахәҭратә аикәшара аизырҳара аганахьала иҟоу алшарақәа зегьы инагӡаны рхархәара аҵакы ду амоуп. Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе узбекистантәи иколлега аофициалтә визитла Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.
“Гәыкала ҳадкылареи ҳажәлари ҳделегациеи ирзаашәырҧшуа аҩызареи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Шәтәыла ирласны аҿиара иаҿуп. Шәара шәнапхгарала Узбекистан имҩаҧысуа ареформақәеи аиҭакрақәеи ҳрықәгәырҕьоит.
Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Қырҭтәылаҟа шәаасыҧхьар сҭахуп.
Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура аҵакы ду анаҳшьоит. Ҳәарада, ҳтәылақәа рыбжьара аиҳабырабжьаратә економикатә усеицура аҵакы ду амоуп. Ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара аизырҳара ҳазҿлымҳауп.
Аинвестициақәа ҳрылацәажәозар, урҭ реизырҳаразгьы алшарақәа иҟоуп. Шәара шәинвестициатә лагылазаара ақырҭуа инвесторцәа аднаҧхьалар алшоит, Қырҭтәылагьы апотенциалтә инвесторцәа аинтерес зҵоу аинвестициатә лагылазаара рыднагалоит.
Абжьаратә корридор аҿиара азҵаара аҵакы ҷыда анаҳшьоит. Қырҭтәыла астратегиатә ҭыҧаҿ ишьҭоуп, ҳтәыла, ҭоурыхла, Европеи Азиеи, Мрагылареи Мраҭашәареи еиднаҳәалоит.
Абри астратегиатә ҭыҧ, излауа ала, ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп, ари аганахьалагьы Қырҭтәылеи Узбекистани русеицура алҵшәа бзиа ахылҵыр, ахырҳага ду ҳзаанагар алшоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Қырҭтәылеи Узбекистани реизыҟазаашьақәа рҿиараҿы иҟоу адинамика бзиа далацәажәеит Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министргьы. Абдулла Арипов иҳәамҭала, ҩ-ганктәи аимадарақәа шьақәгылеит агәреибагареи патуеиқәҵареи ашьаҭала, арҭ аимадарақәа ахырхарҭақәа зегьы рыла қәҿиарала аҿиара иаҿуп.
“Еиуеиҧшым аекономикатә усхкқәа рҿы қәҿиарала аус еицаауеит. Ҩ-ганктәи ахәаахәҭра арбагақәа иазҳауеит, имаҷымкәа апроектқәа еицымҩаҧаагоит. Акультуратәи, агуманитартәи, арегионбжьаратәи аимадарақәа иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит.
Узбекистан, ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа зегьы рҿы Қырҭтәылаҟны қәҿиарала аусеицура иазыхиоуп.
Иахьазы ҳаиҳабырақәа рзы ахадаратә ҳасабтәуп наҟ-наҟ ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара иазку аиқәшаҳаҭрақәа зегьы иаамҭаны рынагӡара. Ҳаҭыр зқәу Иракли, агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасабала Узбекистан имҩаҧыжәго раҧхьатәи шәофициалтә визит ҳтәылақәа ирзыфеидоу аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара ишацхраауа, ҳусеицура астимул ҿыц шаиуа”,- иҳәеит Абдулла Арипов.