Иракли Кобахиӡе - Уажәтәи ҳсистема ақырҭуа студентцәа иахәҭоу аҵара аҩаӡара рнаҭом, ҳара ари аҭагылазаашьа ҳариашароуп, зегьы рхатә субиективтә интересқәа рықәныҟәара иаҟәыҵроуп
Уажәтәи ҳсистема ақырҭуа студентцәа иахәҭоу аҵара аҩаӡара рнаҭом, ҳара ари аҭагылазаашьа ҳариашароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аӡәы уи игәамҧхазор, диашам, аӡәы ихатә субиективтә интересқәа имазар, урҭ рықәныҟәара даҟәыҵроуп.
„Сара акоментариқәа рыҟаҵара сахыццакуам. Иахьа Аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа ҳарҧылоит. Ишиашо дара рҟынтә аинформациа ҳазыӡырҩуеит, анеҩс, уи ашьаҭала, аконкреттә аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Ҳара иҳамоу аҳасабтә мариоуп. Уажәтәи аҵаратә система ақырҭуа студентцәа иахәҭоу аҵара аҩаӡара рнаҭом, ҳара ари аҭагылазаашьа ҳариашароуп. Аӡәы уи игәамҧхазор, диашам, аӡәы ихатә субиективтә интересқәа имазар, урҭ рықәныҟәара даҟәыҵроуп. Ҳстудентцәа, ақырҭуа аҿар аҵара бзиа рзеиқәҳаршәароуп, абри ауп зегьы реиҳа ихадоу. Ари аҳасабтә анагӡараҿы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.