Иракли Кобахиӡе – ВВС асиужет — мцуп, аха, уи адагьы, аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа ирхәыцыз акгьы иаҧсам провокациоуп
«ВВС асиужет — мцуп, аха, уи адагьы, аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа ирхәыцыз акгьы иаҧсам провокациоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла бзиарак азеиҕьазымшьо амчқәа ақырҭуа жәлари дара иалырхыз анапхгареи ашантаж рзуразы аҿыҵга иашьҭоуп.
«Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ишьақәнарҕәҕәеит зыӡбахәы ҳәоу амаҭәашьар амитингқәа реимырпраан ахархәара шамамыз, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаангьы ари амаҭәашьар аанамхәацт, „Амилаҭтә ҵысра“ рхаангьы. ВВС иаланарҵәаз аинформациа ашьаҭала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусеилыргара иалагеит, хара имгакәа ҳуааҧсыра аинформациа наӡа роуеит. ВВС асиужет — мцуп, аха, уи адагьы, аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа ирхәыцыз акгьы иаҧсам провокациоуп. Уи 2 хықәкык амоуп. Актәи — ҳтәыла бзиарак азеиҕьазымшьо амчқәа амч зцәыӡыз апротест иҧсабаратәымкәа аицрашәаразы аҿыҵга рыҭара. Аҩбатәи — ақырҭуа жәлари дара иалырхыз аинапхгареи ашантаж рзура анагӡара. Аха, зыӡбахәы ҳәоу асиужет арҭ ахықәкқәа рынагӡара залшом», — иҳәеит Кобахиӡе.