Иракли Кобахиӡе - Ҿырҳәалатәи аӡырҩрақәа раан, анапхгара 12 пункт рынагӡара ахырхарҭала иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирызкны иобиективу ахәшьара ҳаҳауеит ҳәа ҳгәыӷуеит
Иракли Кобахиӡе - Ҿырҳәалатәи аӡырҩрақәа раан, анапхгара 12 пункт рынагӡара ахырхарҭала иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирызкны иобиективу ахәшьара ҳаҳауеит ҳәа ҳгәыӷуеит

Иҟаҳҵаз ашьаҿа цыԥхьаӡа иобиективу ахәшьара арҭап ҳәа ҳгәыӷуеит, – иҳәеит “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, анапхгаратә партиа иобиективу ахәшьара иазыԥшуп.

„Ҿырҳәалатәи аӡырҩрақәа ҳарзыԥшым. Анапхгара евроинтегарциеи 12 пункт рынагӡареи рхырхарҭала иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирызкны иобиективу ахәшьара ҳаҳауеит ҳәа ҳгәыӷуеит“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Қырҭтәыла иазку ҿырҳәалатәи аӡырҩра еврокомиссиаҿ арҭ амшқәа рзы мҩаԥгахоит.