Иракли Кобахиӡе Словениатәи ареспубликеи Ватикани ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит
Иракли Кобахиӡе Словениатәи ареспубликеи Ватикани ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Словениатәи ареспубликеи Ватикани ҿыц иқәыргылоу  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы аҧыза-министр адипломатцәа рмиссиа алагара рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Словениатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Константин Сурҕулаӡе, Ватикан Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧ ааникылеит Давиҭ Меқсабишвили.

Словениатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Константин Сурҕулаӡе адиаспора рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министрс, иара убас, еиуеиҧшым аамҭазы, Нидерланды аҳреи Италиеи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Ватикан Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Давиҭ Меқвабишвили еиуеиҧшым аамҭазы,ок Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Қырҭтәыла иҟоу Иерусалими Родоси, Мальтеи Иоанн ацқьа ихьӡ зху арратә ихьыҧшым аорден ацҳаражәҳәарҭеи рҿы аус иуан.