Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало азы Бухаресттәи асаммитаҿ ирыдыркылаз аӡбара амч амоуп, аха, иацы конкретла акгьы рымҳәеит
Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало азы Бухаресттәи асаммитаҿ ирыдыркылаз аӡбара амч амоуп, аха, иацы конкретла акгьы рымҳәеит

«Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало азы Бухаресттәи асаммитаҿ ирыдыркылаз аӡбара амч амоуп, аха, иацы конкретла акгьы рымҳәеит, уи уамашәа иубаратәы иҟам», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе, Вильниустәи асаммит акоммиунике данахцәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, астатус-кво ишыҟаз еиҧш иаанхеит.

«Иацтәи акоммиунике ашьҭахьгьы аӡәгьы издырӡом Қырҭтәылеи Украинеи НАТО ианалало, ишалало. Астатус-кво ишыҟаз еиҧш иаанхеит. Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало азы Бухаресттәи асаммитаҿ ирыдыркылаз аӡбара амч амоуп, аха, иацы конкретла акгьы рымҳәеит, уи уамашәа иубаратәы иҟам. Адокументаҿ ари апозициа еилыкка аарҧшуп, иара убас, Урыстәыла ахырхарҭала апрогмативтә политикагьы аарҧшуп. Урыстәыла иадҳәаланы адокументаҿ иануп НАТО Урыстәылаҟны аконфронтациа аҭахым ҳәа, убри аҟынтә, ҳара, иҿыцу акгьы ҳмаҳаит, астатус-кво ишыҟаз еиҧш иаанхеит», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

Ажурналистцәа Кобахиӡе иазҵааит аоппозициаа ргәаанагара иахиҳәаауа, аоппозициаа ишырҳәаз ала, иацтәи акоммиунике Қырҭтәылазы арегрессуп.

«Уи мцуп, уи ахцәажәарагьы сҭахым. Бухаресттәи асаммитаҿ иҟаз астатус-кво аанхеит, Украинагьы абри аҩызацәҟьа аҭагылазаашьаҿы иҟоуп, убри аҟынтә, Қырҭтәылеи Украинеи ҧхьаҟа изымцеит, араҟа апрогресс ҳзалацәажәом.

Макфол арадиостанциак аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Украина хымҧада НАТО иалалоит ҳәа, аха, ианалало имҳәеит, уи ирччагоуп. Иахьа аӡәгьы издырӡом Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ианалало, ишалало. Урыстәыла ахырхарҭала НАТО имҩаҧнаго апрогрмативтә политика иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, уи уамашәа иубаратәы иҟам», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.