Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла кыршықәса рыҩныҵҟа иазыҧшын атәыла европатәи аперспектива шамоу аофициалла азхаҵара, Еврокомиссиа ала ари аперспектива  азхаҵара ҳаигәырҕьеит
Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла кыршықәса рыҩныҵҟа иазыҧшын атәыла европатәи аперспектива шамоу аофициалла азхаҵара, Еврокомиссиа ала ари аперспектива  азхаҵара ҳаигәырҕьеит

«Қырҭтәыла кыршықәса рыҩныҵҟа иазыҧшын атәыла европатәи аперспектива шамоу аофициалла азхаҵара, Еврокомиссиа ала ари аперспектива  азхаҵара ҳаигәырҕьеит, ҳара акандидат астатус аиуразы аконкреттә план ҳадаргалеит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы  Иракли Кобахидзе абрифинг аҿы.

Иара иашазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла Украинеи Молдовеи ирҧысит.

«Иаҳҧырхагаз афакторқәа шыҟазгьы, ҳара ҧхьаҟа даҽа шьаҿак ҟаҳҵеит. Иахьатәи аӡбара  ала Евроеидгыла европатәи ҳҽазышәарақәа ирыдгылеит», — иазгәеиҭеит Кобахиӡе.