Иракли Кобахиӡе  - Қарҭ ахада иҭыҧаз кандидатс ачемпионҵәҟьа дшәыдаагалоит,  ҳкандидат зегьы рыла дчемпионуп
Иракли Кобахиӡе  - Қарҭ ахада иҭыҧаз кандидатс ачемпионҵәҟьа дшәыдаагалоит,  ҳкандидат зегьы рыла дчемпионуп

«Иахьа Қарҭ ахада иҭыҧаз кандидатс дықәҳаргылар ҳалшон баша аполитик бзиа, баша анапхгаҩы бзиа, ма, апатриот бзиа, аха, ҳара ачемпионҵәҟьа дшәыдаагалоит. Ҳкандидат Қырҭтәыла иазааигеит иҳаракӡоу ақәҿиарақәа. Иара аполитикаҿгьы, анапхгараҭараҿгьы, апатриотизм аганахьалагьы дчемпионҵәҟьоуп. Иара зегьы рыла дчемпионуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы, Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе апартиа алхраҧхьатәи акампаниа аартра иазкыз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Кобахидзе ишиҳәаз ала, анапхгаратә партиа акандидат Қырҭтәыла иазааигеит иҳаракӡоу ақәҿиарақәа.

Иара убас, иара ишазгәеиҭаз ала,  Каха Калаӡе Қарҭ акәакь цыҧхьаӡа аҿиареи, аиҿкаареи, ариаҵәареи еиқәиршәар илшоит, абри ауп қарҭаа зегьы реиҳа ирҭаху.

«Ҳкандидат Қырҭтәыла иазааигеит иҳаракӡоу ақәҿиарақәа. Иара аполитикаҿгьы, анапхгараҭараҿгьы, апатриотизм аганахьалагьы дчемпионҵәҟьоуп. Иара зегьы рыла дчемпионуп.

Қарҭ иаҳа аҿиара аҭара, араион цыҧхьаӡа иаҳа аҿиара, иаҳа иҧшӡоу, иаҳа ииаҵәоу, иаҳа еиҿкаау ақалақь  — абри ауп гәыкала бзиа иаабо ҳқалақь иаҭаху, Каха Калаӡе  зегьы дреиҕьны уи ҟаиҵар илшоит.

Убри аҟынтә,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахьӡала, Қырҭтәыла аҳҭнықалақь ахада иҭыҧаз, лымкаала – наҟ-наҟтәи ахадас дшәыдазгалоит иарбанзаалак европатәи аҳҭнықалақь изеилаҳауаз ауаҩы. Уи  — ҳгәыҧ иалкаау алидер, Қарҭ ҧасатәи ахадацәа рҟынтә зегьы реиҳа ақәҿиарақәа змоу  — Каха Калаӡе иоуп», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.