Иракли  Кобахиӡе  - Маӡала ацклаҧшра иазкны Карл Ҳарцель иҟаиҵаз аҳәамҭа адипломатиатә стандартқәа ирышьашәалам ҳәа сгәы иаанагоит
Иракли  Кобахиӡе  - Маӡала ацклаҧшра иазкны Карл Ҳарцель иҟаиҵаз аҳәамҭа адипломатиатә стандартқәа ирышьашәалам ҳәа сгәы иаанагоит

«Сара сдипломатым, арҭ азҵарақәа цқьа исзеилымкаауазар ҟалап, аха, Карл Ҳарцель иҟаиҵаз аҳәамҭа адипломатиатә стандартқәа ирышьашәалам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ адипломатцәа маӡала рцәыҵаӡырҩра иадҳәаланы иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишааицҳаз ала, имаӡоу анҵамҭақәа раларҵәара иадҳәаланы, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Бриуссель иҟоу Евроеидгыла аофис ашҟа иҧхьаны, Евроеидгыла апозициеи наҟ-наҟтәи ашьаҿақәеи иазкны аинформациа ирҭеит.