Иракли Кобахиӡе - Китаитәи жәлартә республикеи ҳареи ҳабжьара ишьақәгылаз адинамикатә партниорра аҵакы ду анаҳшьоит, агәра ганы сыҟоуп ҳара еицынаҳагӡо аинициативақәеи апроектқәеи ари апартниорра иаҳа ишдырҕәҕәо, алҵшәа бзиа шырхылҵуа
Китаитәи жәлартә республикеи ҳареи ҳабжьара ишьақәгылаз адинамикатә партниорра аҵакы ду анаҳшьоит. Ҳаиҩызара шьақәгылеит патуеиқәҵареи, агәреибагареи, иаҳзеиҧшу априоритетқәеи рышьаҭала, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаитәи жәлартә республика ашьаҭаркра инаркны 76 шықәса аҵреи Аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы аиааира инаркны 80 шықәса аҵреи инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циени акитаи жәлари ари аныҳәамш рыдныҳәаланы, иаҵшьны иазгәеиҭеит Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь жәларбжьаратәи аиҿкаара ашьақәыргылараҿы Китаи иҟанаҵаз алагала ду.
“Иахьа Китаи ацивилизациатә ҳәынҭқаррақәа зегьы рзы иҿырҧшыгоуп, избанзар, уи ҧхьаҟацареи, амодернизациеи, аҿиареи иазҿлымҳау ҳәынҭқарроуп. Қырҭтәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа астратегиатә аҩаӡаранӡа рышьҭыхра иаҳзеиҧшу аинтересқәа рымҽхак аанарҧшуеит. Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит аусхкқәа зегьы рҿы аусеицура иаҳа арҭбаара ишазыхиоу. Агәра ганы сыҟоуп ҳара еицынаҳагӡо аинициативақәеи апроектқәеи ари апартниорра иаҳа ишдырҕәҕәо, алҵшәа бзиа шырхылҵуа.
Абжьаратә корридорла атранспорттәи ахәаахәҭратәи аимадарақәа инрываргыланы, “Маҟак мҩак” аинициатигьы ҳпартниорра арҕәҕәареи ҳмилаҭқәа рыбжьара аимадара ҕәҕәа ашьақәыргылареи азы алшара ҷыда ҳнаҭоит. Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара ишьақәгылаз адинамикатә усеицура – ахәаахәҭратә аиқәшаҳаҭрақәеи, авизатә режим армариареи, аинфраструктуреи алоџьистикеи еицалаҳҵо аҧареи ари ароль иаҳа ирҕәҕәаны, лабҿаба иаанарҧшит Абжьаратә корридор аимадарақәа рырҕәәҕареи, зегьы ирзыфеидоу алшарақәа раҧҵареи азы аплатформа аҳасабала аҵакы ду шамоу. Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи иаҳа ишыҕәҕәахо, уи иаҳа иҕәҕәоу апартниорразы алшара ҿыцқәа ҳнаҭоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аныҳәатә адкылараҿы асасцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен.
Инагӡан Китаии Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә хьыӡрашәақәа.
Аусмҩаҧгатә аҿы иҟан Қырҭтәыла анагӡаратәи азакәанҧҵаратә мчра алахәылацәеи адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи.