Иракли Кобахиӡе  - Каха Калаӡе аплан дуқәа имоуп, агәра ганы сыҟоуп ипланқәа зегьы қәҿиарала ишынагӡахо 
Иракли Кобахиӡе  - Каха Калаӡе аплан дуқәа имоуп, агәра ганы сыҟоуп ипланқәа зегьы қәҿиарала ишынагӡахо 

Каха Калаӡе аплан дуқәа имоуп, агәра ганы сыҟоуп ипланқәа зегьы қәҿиарала ишынагӡахо, абри агәыҕра снаҭоит  8 шықәсатәи аҧышәа, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ақалақь шьаҭанкыла аҽеиҭанакит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аинфраструктуратә политика ахырхарҭала Қарҭ ахада ипланқәа рӡыргара ашьҭахь.  

Аиаҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аҳҭнықалақьаҿ имҩаҧгоу шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа Каха Калаӡеи игәыҧи ирыбзоуроуп. 

„Иахьа Каха Калаӡе имҩаҧигаз аӡыргара аинфраструктуратә зҵаарақәа ирызкын, анеҩстәи ҧшьышықәса рыла имҩаҧгахо, ахәыҷбаҳчақәа ирызку аусмҩаҧгатәқәеи ақалақь арыцқьареи ирыдҳәалоу апланқәа ирызкын. Иҳаҩсыз 8 шықәса ирылагӡаны ақалақь шьаҭанкыла аҽеиҭанакит, раҧхьа иргыланы уи Каха Калаӡеи игәыҧи ирыбзоуроуп. Каха Калаӡеи Қарҭ ахадара агәыҧи 8 шықәса рыла имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Аинфраструктуратә политика аӡыргараан Каха Калаӡе наҟ-наҟ аҳҭнықалақь арҿиаразы аинфраструктура инанагӡо ароли анеҩстәи ҧшьышықәса рыҩныҵҟала имҩаҧыргараны иҟоу апроектқәеи дрылацәажәеит. Қарҭ ахада ишазгәеиҭаз ала, арҭ апроектқәа иреиуп амҩақәа рырҽеиреи, ацҳақәеи ахыҵырҭақәеи рыргылареи. Иара иажәақәа рыла, ақалақь аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынхара иаҵанакәа абаҟақәа рыхьчареи рхылаҧшреи ахырхарҭеи, ацқьареи аиҿкаареи ахьчареи, иара убас, ашколнӡатәи ааӡаратә усбарҭақәа рхархәара аманшәалареи наҟ-наҟгьы хшыҩзышьҭра ду амазаауеит.

Аусмҩаҧгатә аҿы иҟан Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи.