Иракли Кобахиӡе Ираҟ Қәырдистантәи арегионалтә еиҳабыра аҧыза-министр Масрур Барзани диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ираҟ Қурдистантәи арегионалтә еиҳабыра аҧыза-министр Масрур Барзани диҧылеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ахәаахәҭра-економикатә усеицура аганахьала иҟоу аперспективақәа. Иаҵшьны иазгәаҭан ари аганахьала иҟоу апотенциали аинвестициатә усхкы аҿы аимадарақәа рырҕәҕәара алшарақәеи.
Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла иманшәалоу агеографиатә ҭыҧи, Абжьаратә корридор алшарақәеи, арегионалтәи алогистикатәи центр ахасабала атәыла инанагӡо ароль дуи. Ҷыдала иазгәаҭан аҭынчреи аҭышәынәталареи аҵакы.