Ҳара Украина ахада ҳиацәажәеит, ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра аҵакы ҳазааҭгылеит, егьирахь зегьы апрактикатә шьаҿақәа ирхьыҧшуп, – иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данарцәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, аиҳабырақәа реизыҟазаашьақәа ҧхасҭазтәыз аконкреттә шьаҿақәа иҟан.
„Аиҳабырақәа реизыҟазаашьақәа ҧхасҭазтәыз аконкреттә шьаҿақәа иҟан, шәара уи жәдыруеит. Ҳәарада, уи атәылақәеи ажәларқәеи реизыҟазаашьақәа ирныҧшуам, арҭ аизыҟазаашьақәа аҭоурыхтә ашьаҭа рымоуп. Аха, аконкреттә шьаҿақәа рымшала, аиҳабырақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ҧхасҭахеит. Рыцҳаражәҳәаҩ иҧхьеит, ҳацҳаражәҳәаҩ, апрактикала, Украина далырцеит, асанкциақәа рышьақәыргыларазы аҳәара иқәдыргылеит, ҳара аиҳабыра рофициалтә ақәшаҳаҭхарала Украинаҟа аибашьцәа дәықәҳамҵеит. Насгьы, ибзианы ишәгәалашәоит Украина анапхгара ахаҭарнакцәа аҩбатәи афронт аартразы ааҧхьара шыҟарҵоз. Ҳәарада, абарҭ ашьаҿақәа даараӡа ихьанҭан, урҭ рымшала ҳаиҳабырақәа реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахеит. Жәаҳәарада, дара азҿлымҳара аадырҧшыр, ҳара, аиҳабырақәа реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳазыхиоуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.