Иракли Кобахиӡе - Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ацхраара ҳшазыхиоу, Қырҭтәыла ари ахырхарҭала иалшо зегьы ҟанаҵоит
«Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ацхраара ҳшазыхиоу, Қырҭтәыла ари ахырхарҭала иалшо зегьы ҟанаҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниании иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Иракли Кобахиӡе Никол Ҧашиниан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аусеицуреи Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аиҩызареи арҕәҕәара аус аҿы хаҭала иара иҟаиҵо алагала ду азыҳәан.
«Арегионаҿ аусеицура арҭбаара аганахьала адинамика бзиоуп, ҳара уи ҳақәгәырҕьоит. Иара убас, акомиссиа аилатәараҿы ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани аҭынчратә аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз. Абарҭ атенденциа бзиақәа ашьаҭа ҕәҕәа ҳарҭоит ҳрегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәаразы.
Ари аконтекстаҿ даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ацхраара ҳшазыхиоу. Қырҭтәыла ари аганахьала иалшо зегьы ҟанаҵоит. Ҳтәылақәа апартниорра ҷыда рыбжьоуп. Ари апартниорреи, аиҩызареи, аусеицуреи иҿырҧшыгоуп, ҳара ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду ҳадуп — наҟ-наҟ абри аусеицуреи аиҩызареи иаҳа иҳарҕәҕәароуп.
Аҵыхәтәаны, аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп ҳтәылақәа реиҩызареи русеицуреи арҭбаара аус аҿы хаҭала иара иҟаиҵо алагала ду азыҳәан», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.