Иракли Кобахиӡе - Ҳара ҳопонентцәа акы иазымхәыцит - иахьа ҳҳәынҭқарра ӷәӷәоуп, ҳҳәынҭқарратә институтқәа ӷәӷәоуп, аҭагылазаашьа ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра имарианы шҳалшо
Иракли Кобахиӡе - Ҳара ҳопонентцәа акы иазымхәыцит - иахьа ҳҳәынҭқарра ӷәӷәоуп, ҳҳәынҭқарратә институтқәа ӷәӷәоуп, аҭагылазаашьа ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра имарианы шҳалшо

“Ҳара ҳопонентцәа акы иазымхәыцит – иахьа ҳҳәынҭқарра ӷәӷәоуп, ҳҳәынҭқарратә институтқәа ӷәӷәоуп, аҭагылазаашьа ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра имарианы ҳалшоит”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи телехәаԥшратә компаниа ириҭаз аинтервиу аҿы.

Анапхгара рхантәаҩы иажәақәа рыла, ԥхьаҟа абри еиԥш апроцессқәа ҟалашьа рымам.

“Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟеи анҭыҵи иҟоу ҳопонентцәа акы цқьа иазымхәыцит – иахьа ҳҳәынҭқарра ӷәӷәоуп, ҳҳәынҭқарратә институтқәа ӷәӷәоуп, аҭагылазаашьа ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра имарианы ҳалшоит. Абарҭ аԥшьышықәса ирылагӡаны атәым тәылақәа ҳтәылаҿ ирҭахыз ареволиуциа амҩаԥгара ԥшьынтәҳаҿагылеит, аԥырҟәҟәаара ҳалшеит. Иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы, аҳәынҭқарратә система ас еиԥш иҟоу аҽазышәарақәа зегьы рҿагылара иазхиоуп, ԥхьаҟа абри еиԥш апроцессқәа ҟалашьа рымам”, – иҳәеит аԥыза-министр.