Иракли Кобахиӡе  - Ҳаиҳабыра имҩаҧырго активтә адәныҟатәи политика Қырҭтәыла ауникалтә географиатә ҭыҧ иаҳа иарҕәҕәоит, иханарҭәаауеит
Иракли Кобахиӡе  - Ҳаиҳабыра имҩаҧырго активтә адәныҟатәи политика Қырҭтәыла ауникалтә географиатә ҭыҧ иаҳа иарҕәҕәоит, иханарҭәаауеит

«Ҳаиҳабыра имҩаҧырго активтә адәныҟатәи политика Қырҭтәыла ауникалтә географиатә ҭыҧ иаҳа иарҕәҕәоит, иханарҭәаауеит. Ҳара Евроеидгылеи, Китаии, Британиа Дуи, Иеиду Арабтәи Аемиратқәеи рҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭрақәа ҳамоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе   «Абырфынтә мҩа» ахәбатәи афорум аҿы данықәгылоз.

«Ҳаиҳабыра имҩаҧырго активтә адәныҟатәи политика Қырҭтәыла ауникалтә географиатә ҭыҧ иаҳа иарҕәҕәоит, иханарҭәаауеит. Ҳара Евроеидгылеи, Китаии, Британиа Дуи, Иеиду Арабтәи Аемиратқәеи рҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭрақәа ҳамоуп. Ҳара зымҽхак дуу аинфраструктуратә проектқәа мҩаҧаагоит  — абаҕәаза ҿыцқәа ҳаргылоит, аихамҩақәа ҳарҿыцуеит, аҧхьаӡацтәии аенергетикатәи магистральқәа аҧаҳҵоит, ари аганахьала иҿырҧшыгоуп  арегионаҿ иҟоу зырҿыцра ҟало аенергиа европатәи аџьармыкьашҟа анагара еиқәзыршәо Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект. Абри зегьы абизнес азы ауникалтә алшарақәа аҧнаҵоит», — иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, сынтәатәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит Қарҭтәи афинанстә саммит, уи афинанстәи атехнологиатәи аинновациатә центр аҳасабала Қарҭ иамоу астатус иаҳа иарҕәҕәоит.

«Иахьазы аимадара баша аинфраструктура аасҭа акырӡа идуу аҵакы амоуп. Уажәшьҭа Абжьаратә корридор баша аконцепциа аҳәаақәа ирҭыҵит  — уи лабҿабарахеит, ҳара есымша уи аҿиара ҳацхраауеит. Аха,  XXI ашәышықәсазы иҭышәынтәалоу аҿиара аиқәыршәаразы аимадара ҿыцқәа аҧҵатәуп  —  аенергетикатә корридорқәа, аҧхьаӡацтә магистральқәа, акапитал аикәшара уҳәа, убас егьырҭгьы. Убри аҟынтә, сынтәатәи  афорум апанельтә дискуссиақәа абарҭ азҵаарақәа ирызкызаауеит: аглобалтә ахәаахәҭра аҧеиҧши, Абжьаратә корридор апотенциали, аенергетикатә интеграциеи аҧхьаӡацтә трансформациеи.

Убри азоуп сара  Қарҭтәи раҧхьатәи афинанстә саммит амҩаҧгара ҷыдала сзақәгәырҕьо. Ари аҿыцҧшьгара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ҳара ари аинициатива мҩаҧаагоит сингапуртәи ҳпартниорцәа ҳацырхрааны. Ари аусмҩаҧгатә абзоурала, ҳаҳҭнықалақь иамоу арегионалтә  афинанстәи аинновациатәи центр астатус иаҳа иҕәҕәахоит», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.