Иракли Кобахиӡе  - Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ игәаласыршәар сҭахуп, аиҿцәажәарақәа раартра адокумент аишәа иқәышәҵа,  иахьаҵәҟьа ҳнапы аҵааҩуеит, ашантаж ацынхәрас аус, ҳара абас ауп ари азҵаара ҳшазныҟәо
Иракли Кобахиӡе  - Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ игәаласыршәар сҭахуп, аиҿцәажәарақәа раартра адокумент аишәа иқәышәҵа,  иахьаҵәҟьа ҳнапы аҵааҩуеит, ашантаж ацынхәрас аус, ҳара абас ауп ари азҵаара ҳшазныҟәо

Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ игәаласыршәар сҭахуп, аиҿцәажәарақәа раартра адокумент аишәа иқәышәҵа,  иахьаҵәҟьа ҳнапы аҵааҩуеит, –  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьатәи апрессконференциаҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, арадикалтә оппозициа Қырҭтәыла аиҳабыра евроинтеграциа апроцесс ааныркылазшәа ииашам аинформациа аларҵәара иаҿуп.

„Арадикалтә оппозициа Қырҭтәыла аиҳабыра евроинтеграциа апроцесс ааныркылазшәа ииашам аинформациа аларҵәара иаҿуп.  Раҧхьатәи аҳәамҭаҿгьы арҭ амшқәа рзгьы аргама иаҳҳәоит  евроинтеграциа апроцесс аанкылара акәымкәа,  ари апроцесс иаҳа иҳарлахҿыхуеит,  2030 шықәсазы Евроеидгыла ҳалаларц азыҳәан. Убри аҟынтә, арадикалтә оппозициеи, рыдгылаҩцәеи, дара иртәу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи излагаз имцырку аинформациатә кампаниаҿы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ илахәызаара иҧхашьагоу, игәыҧжәагоу фактуп.  Ҳәарада,  абри аҩыза ахҭысқәа рымшала ақырҭуа жәлар европатәи адемократиа рахь агәрагара рцәыӡуеит. Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ игәаласыршәар сҭахуп, аиҿцәажәарақәа раартра адокумент аишәа иқәышәҵа,  иахьаҵәҟьа ҳнапы аҵааҩуеит, ашантаж ацынхәрас аус, ҳара абас ауп ари азҵаара ҳшазныҟәо, европатәи аструктурақәа рҟынтәгьы абри аҩызаҵәҟьа азнеишьа ҳазыҧшуп, уи ақырҭуа жәлар ргәазыҳәароуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.