Иракли Кобахиӡе - Евроеидгыла аднакылаз аӡбамҭа антиқырҭуа шьаҿас иҳаԥхьаӡар ҳалшоит, уи европатәи аструктурақәа рыгәрагара арԥсыҽуеит
Евроеидгыла аднакылаз аӡбамҭаантиқырҭуа шьаҿас иҳаԥхьаӡар ҳалшоит, ур европатәи аструктурақәа рыгәрагара арԥсыҽуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе имҩаԥигаз апрессконференциа аҿы.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ари ақырҭуа жәлар рхәаԥшышьаҿ европатәи астурктурақәа рдевальвациа иадҳәалоуп.
“Иацы Евроеидгыла адәныҟатәи зҵаарақәа рзы ахеилак аднакылаз аӡбамҭа сахцәажәар сҭахуп. Ахеилак иҟанаҵаз абжьагара заҵәык ауп адипломатиатә тәылауаҩшәҟәқәа змлу ахаҿқәа рзы авизадатә режим аԥыхроуп. Ари абжьагара асимволтә ҵакы амоуп, аха Евроеидгыла аднакылаз аӡбамҭа антиқырҭуа шьаҿас иҳаԥхьаӡар ҳалшоит, уи европатәи аструктурақәа рыгәрагара арԥсыҽуеит. Ари ақырҭуа жәлар рхәаԥшышьаҿ европатәи астурктурақәа рдевальвациа иадҳәалоуп.
Уажәааны, “Евробарометр” имҩаԥнагаз аҭҵаара инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи фымз ирылагӡаны Қырҭтәыла ауааԥсыра рыбжьара европатәи аструктурақәа рыгәрагара 6% рыла маҷхеит“, – иҳәеит аԥыза-министр.