Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Ереван, Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпрессмаҵзура.
Шәамахьтәылатәи ареспублика аиҳабыра рыҩнаҿы имҩаҧгаз ишиашо аиҧылараан, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи акыршықәсатәи аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун апартниорра аусхәаҧштә иаҵанакәа азҵаара хадақәа, урҭ рыбжьара – ахәаахәҭреи, аекономикеи, атранспорти, акультуреи аусхкқәа рҿы аусеицура.
Иара убас, аҧыза-министрцәа, арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҵакы ҷыдеи иазааҭгылеит. Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иазку аиҿцәажәарақәа рхыркәшара иазыразуп, избанзар, уи арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара иазку шьаҿоуп.
Иахьа ҩ- тәылак рҧыза-министрцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рмилаҭтә аизгақәа рматч ашҟа инеиуеит. Амилаҭқәа рлига плеи-офф актәи аиҧылара мҩаҧысуеит Ереван, Вазген Саргсиан ихьӡ зху астадионаҿы.