Иракли Кобахиӡе Ботсванатәи ареспублика ахада Дума Гидеон Боко диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ботсванатәи ареспублика ахада Дума Гидеон Боко диҧылеит.
Дубаи, Адунеитә лидерцәа рсаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рызхаҵамра аҵаки, ҩ-тәылак рыбжьара иҟоу аполитикатә диалоги иалацәажәеит. Иракли Кобахиӡе Ботсванатәи ареспублика ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ахҵәацәа ирызку Қырҭтәыла арезолиуциа адгыларазы.
Аҧыза-министр ишьақәрҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра, қәҿиарала ареформақәа рымҩаҧгара аганахьала ирымоу аҧышәа Ботсванатәи ареспублиа адгалара ишазыхиоу.
Аиҧылара лхы алалырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.