Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит иалагеит 
Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит иалагеит 

Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит иалагеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Геидар Алиев ихьӡ зху Бақәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ диҧылеит Азербаиџьантәи ареспублика авице-аҧыза Самир Шарифов.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспублика ахада Ильҳам Алиеви аҧыза-министр Али Асадови  дырҧылоит.

Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа рнапхгарала, Қырҭтәыла-Азербаиџьантәи економикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа 10-тәи аилатәара мҩаҧысуеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан аҳҭнықалақьаҿ аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии,  адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.