Иракли Кобахиӡе  Азербаиџьан ахада  ҭелла диацәажәеит
Иракли Кобахиӡе  Азербаиџьан ахада  ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев ҭелла диацәажәеит.

Аҧыза-министр асоциалтә аҳа Х аҿы ишиҩыз ала, иара Ильҳам Алиев имшира идиныҳәалеит.

«Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви сареи гәыкала ҳаицәажәеит, имшира  идысныҳәалеит, агәабзиареи ақәҿиарақәеи изеиҕьасшьеит. Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит аиҩызара ҕәҕәа шҳабжьоу, Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.