Иракли Кобахиӡе – Ахатә адацқәа реиқәырхара иазымхәыцуа атәыла аҩеиҧш бзиа азеиқәнаршәом, ҳара ҳҭоурых пату ақәаҳҵароуп, Ерекле аҩбатәи ибаҟа аартрагьы уи иасимволуп
Ахатә адацқәа реиқәырхара иазымхәыцуа атәыла аҧеиҧш бзиа азеиқәнаршәом. Қарҭ Ерекле аҩбатәи ибаҟа аартра даҽазнык аанарҧшуеит ҳара ҳмилаҭтә аҷыдаҟазшьареи, ҳдацқәеи, ҳҭоурыхи пату шрықәаҳҵо, ҳашреиҷаҳауа, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ерекле аҩбатәи ибаҟа аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩи Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Ереклеи аҩбатәи ибаҟа еицаадыртит.
Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Ерекле аҩбатәи апатриотизми аҧсадгьыл абзиабареи дасимволуп, атәыла анапхгара иалкаау ақырҭуа аҳҧса ишахәҭоу еиҧш пату иқәҵара ируалуп.
„Ерекле аҩбатәи ибзоуралоуп иахьа аҳтәыла арелигиатәи амилаҭтәи аҷыдаҟазшьара шыхьчоу. Ерекле аҩбатәи иҟәышроуп уи ҳалзыршаз. Иара апатриотизм апрогматизми, аҧсадгьыл абзиабареи дасимволҵәҟьоуп, ҳара ҳазынтәгьы ҿырҧшыгас дҳамазароуп. Убри аҟынтә, гәыкала бзиа иаабо, иалкаау ҳаҳҧса ҳаҳҭнықалақьаҿ ишахәҭоу еиҧш пату иқәҵара иаҳуалын, абри абаҟа аартрагьы ибзиаӡаны иаанарҧшуеит ҳара ҷыдала пату шиқәаҳҵо”, – иҳәеит аҧыза-министр.
Иракли Кобахиӡе қарҭаа ҿыц еиҿкаау асквер аартра рыдиныҳәалеит. Аиҳабыра рнапахгаҩы ишазгәеиҭаз ала, арекреациатә даҽа қәыҧшылара ҿыцк аартра ибзиаӡаны иаанарҧшуеит ақалақь ахадара аҳҭнықалақь ишеиҷаҳауа. Аиҳабыра рнапхгаҩы уи азыҳәан Каха Калаӡе ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Аусмҩаҧгатә аҿы иҟаз асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи.
Абаҟа аартра ацеремониаҿы иҟан аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәа.