Иракли Кобахиӡе  - Ахьырхәра ҳаналацәажәо, Урыстәыла арратә агрессиа Украина иазаанагаз азарал ҳаналацәажәо, азыӡба ииашарагьы ииашамзаргьы ауеит
Иракли Кобахиӡе  - Ахьырхәра ҳаналацәажәо, Урыстәыла арратә агрессиа Украина иазаанагаз азарал ҳаналацәажәо, азыӡба ииашарагьы ииашамзаргьы ауеит

«Азыӡба ииашарагьы ииашамзаргьы ауеит, аҧыза-министр ииҳәаз абри афраза анегативтә контекст аҭара ҟалом», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе апартиа аофис аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Ажурналистцәа  Иракли  Кобахиӡе иазҵааит иацы атәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы. Иракли Ҕарибашвили иҳәеит: «Сара жәабран 25 рзы исҳәеит абри аибашьра амшала аӡә арыцҳара дҭагылар, раҧхьа иргыланы уи Украина акәхоит ҳәа. Зқьҩыла аукраинаа ҭахоит, рҵакырадгьылтә акзаара еилагахоит ҳәа сҳәеит. Абасҵәҟьоуп ишыҟалаз».

Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, аиҳабыра рнапхгаҩы урыстәылатәи  арратә агрессиа амшала Украина иаиуз аҧырхагоуп дызлацәажәоз.

«Украина ауааҧсыра азарал ду роуит. Урыстәыла аукраинаа ирҿагыланы имҩаҧнаго арратә агрессиа ахьырхәратә акт ауп. Араҟа имаҷымкәа аспекулиациақәа ҳаҳаит.  Ахьыхәра ииашазаргьы ауеит, ииашамзаргьы ауеит. Аҧыза-министр ииҳәаз абри афраза анегативтә контекст аҭара ҟалом. Арратә агрессиала  Украина ахьырхәра арҭеит ҳәа аҳәара ҟалом, ари ахҭыс арқьиара ҟалом. Аха, еиҭасҳәар сҭахуп, Украина ауааҧсыра азарал ду роуит. Ари аҳәынҭқарра ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьаҿ иҟоуп.  Атәыла анапхгара НАТО алаларазы мап ркыр акәхеит, аханатә Урыстәыла абри ауми ирыднагалоз.  Аҭагылазаашьа цәгьоуп, абри ауп рыцҳарас иҟоу, ҳаргьы уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ҳәарада, уажәазы ҳара хықәкык ауп иҳамоу  — ҳтәылаҿы абри аҩыза ахҭысқәа рҽацәыхьчара», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.