Иракли Кобахиӡе – Аусеилыргара ишьақәнарҕәҕәеит ҵыҧх аҿагылаҩцәа реимырппраан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра изакәызаалак изқәиҭым маҭәашьаркгьы ахы иамырхәеит
Хәымш ирылагӡаны ҳуааҧсыра атәым маҵзура ҷыдақәа Қырҭтәыла иаҿагыланы заанаҵы еиҿыркааз акампаниа иацклаҧшуеит, ари акампаниа ҳтәыла аҭышәынтәалара аилагареи Қырҭтәыла ахьӡ абжьыхреи иазкын, – иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра радминистарциаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла, абри антиақырҭуа кампаниа активла иалахәын ибзианы идыру асубиектқәа, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы.
„Атәыла аҩныҵҟа ари акампаниа активла иалахәын аҳәаанырцәтәи агентура – арадикалтә партиақәеи, арадикалтә медиахархәагақәеи, арадикалтә иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, арадикалтә политикатә активистцәеи рсахьала. Британиатәи адырраҭара ари арепортаж армазеит шьаҭак зҵам, иҵаҵгәыркым, ииашам, ихыҭҳәаагоу агәаанагарақәа рышьаҭала. Убри ала, аполитикатә гәыҧқәак Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ирҿагыланы агибридтә еибашьра ҿыц амҩаҧгареи, иара убас, атәыла аҩныҵҟагьы жәларбжьаратәи аҩаӡараҿгьы иҧсабаратәымкәа аилаҩеиласра аиҿкаареи азыҳәан аҿыҵга роуит. Британиатәи адырраҭара арепортажаҿ иакымкәа ииашам ахарадҵарақәа иҟан, урҭ рҟынтә зегьы реиҳа ихьанҭан иқәиҭыму ахимиатә маҭәашьар – „Камит“ ҳхы иаҳархәазшәа иаҳзықәдыргылаз ахарадҵара. Аусеилыргара ишьақәнарҕәҕәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ари амаҭәашьар ахаангьы рхы ишадмырхәац, уи еиҳаны, ари амаҭәашьар ахаангьы Қырҭтәылаҟа ишаарымгац. Убри адагьы, аусеилыргара ишьақәнарҕәҕәеит ҵыҧх игәымбылџьбараз ақәгылаҩцәа реимырпраан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа „камит“ мацара акәымкәа, изакәызаалак иқәиҭыму даҽа маҭәашьаркгьы рхы ишадмырхәаз,“- иҳәеит аҧыза-министр.