Иракли Кобахиӡе Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри аполициа егьырҭ ачынуааи Аҳаҭыртә орденқәа раншьара ацеремониа ихы алаирхәит
Иракли Кобахиӡе Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри аполициа егьырҭ ачынуааи Аҳаҭыртә орденқәа раншьара ацеремониа ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи еицыҟарҵаз адгалара шьаҭас аҭаны, Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-полковник Вахтанг Гомелаурии аполициа егьырҭ ачынуааи Аҳаҭыртә орденқәа ранаишьеит.

Ахада ихан аҟны имҩаԥгаз аҳамҭатәра ацеремониа Апарламент ахантәаҩы Қырҭтәыла аԥыза-министри рхы аладырхәит.

Иракли Кобахиӡе аполициа ачинуаа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳамҭа – Аҳаҭыртә орден аиура рыдиныҳәалан, атәыла аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.