Иракли Кобахиӡе  - Апроектқәа рхарџьқәа аеффективреи апроектқәа рхаҭабзиареи реиҕьтәроуп ҳара ҳасабтәс иҳамоу, аҩ-хырхарҭак рыла апроблемақәа иҟоуп
Иракли Кобахиӡе  - Апроектқәа рхарџьқәа аеффективреи апроектқәа рхаҭабзиареи реиҕьтәроуп ҳара ҳасабтәс иҳамоу, аҩ-хырхарҭак рыла апроблемақәа иҟоуп

Аҳәынҭқарратә аинфраструктуратә проектқәа рымҩаҧгара иадҳәалоу аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ҳарҧылеит. Азеиҧш принципқәа ҳрылацәажәеит. Апроектқәа рхарџьқәа аеффективреи апроектқәа рхаҭабзиареи реиҕьтәроуп ҳара ҳасабтәс иҳамоу, аҩ-хырхарҭак рыла апроблемақәа иҟоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала,   иара убас,  аиҳабыра ҳасабтәс ирымоуп  аилахәырақәа зегьы рзы аконкуренциа иаша аиқәыршәара.

„Аинфраструктура аминистр Реваз Сохаӡеи сареи  аҳәынҭқарратә инфраструктуратә проектқәа рымҩаҧгара иалахәу аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ҳарҧылеит. Ҳара азеиҧш принципқәа ҳрылацәажәеит.  Апроектқәа рхарџьқәа аеффективреи апроектқәа рхаҭабзиареи реиҕьтәроуп ҳара ҳасабтәс иҳамоу, аҩ-хырхарҭак рыла апроблемақәа иҟоуп, ҳара аҩ-хырхарҭак рыла уажәазы иҟоу апрактика еиҕьаҳтәроуп. Иара убас,  аиҳабыра ҳасабтәс ирымоуп  аилахәырақәа зегьы рзы аконкуренциа иаша аиқәыршәара, араагьы аконкреттә детальқәа ҳрылацәажәеит. Аинтерес зҵаз агәаанагарақәа ҳаҳаит. Ҳдискуссиа аинтерес ду аҵан. Абри зегьы апрактика аиҕьтәраҿы иҳацхраауеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Иара Қырҭтәыла абисзнесассоциациеи аилахәырақәа зегьы рхаҭарнакцәеи ари аиҧылара алахәызааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аиҧылара мҩаҧган азҵаара-аҭак арежимаҿ. Аҧыза-министри аинфраструктура аминистри хазхаҭалатәи асектор ахаҭарнакцәа ргәаанагарақәеи ражәалагалақәеи иазыӡырҩны, ишырҳәаз ала,  адиалог анагӡара иазыхиоуп.

Аиҧылара рхы аладырхәит аргыларатә еилахәырақәа 150ҩык раҟара рхаҭарнакцәа.